Адунеизегьтәи Аҧсуа-Ашәуа Жәлар р-Ассоциациа Европатәи аилатәара

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

2007 шықәса лаҵарамза 17 инаркны 21-нӡа Германиа имҩаҧысит шықәсык ахь ҩынтә имҩаҧысуа изаамҭанутәи Адунеизегьтәи Аҧсуа-Ашәуа жәлар р-Ассоциациа Анагӡком аилатәара.

 

Лаҵарамза 18 рзы Анагӡком ахаҭарнакцәа еизеит ақалақь Вупперталь (Германиа). Ари аизара Адунеизегьтәи Аҧсуа-Ашәуа жәлар р-Ассоциациа аҧҵара аахыс раҧхьаӡатәи Европатәи аилатәара акун. Уи иалахәын, Анагӡком иалоу рыдагьы, Германиа, Голландиа, Франциа инхо аҧсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа.

 

Ахәшьара рыҭан уанӡатәи аилатәарақәа рлыҵшәақәа , иара убас 2006  шықәса ҧхынҷкун азы Аҟәа имҩаҧысыз  V-тәи Аконгресс ақәҵарақәа.

 

Ирыдыркылаз ақәҵарақәа рнаҩсан, иӡбан ихьыҧшым Европатәи Акомитет аҧҵазарц, уи ишиашоу МАААН Анагӡком аус ацнауларц. Еиҿкаан Германиа, Голландиа, Франциа, Швеицариа инхо адиаспора рхаҭарнакцәа злоу акоординациатә гәыҧ. Уи агәыҧ иааиуа амшқәа рзы иалагоит Европатәи Акомитет аҧҵаразы аҽазыҟаҵаратә усура.

 

Аилатәара ашьҭахь МАААН Анагӡком иалоу рҽаладырхәит аинформациатә-дискуссиатә хәылҧазы. Иеизаз ирырҭеит Аҧсны аҭагылазаашьазы аинформациа. Ҳагентәи Аҧсуа Культуратә Центри Вуппертальтәи Ачерқьез Культуратә Центри рымч ала иеиҿкааз ари ахәылҧаз аартын Аҧсны апрезидент С. В. Багаҧшь Германиатәи адиаспора азы иааишьҭыз авидео-салам ала. Анагӡком иалоу хыҧхьаӡара рацәала аҳәаанырцәтәи ҳауаажәлар ирҭиуаз азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.

 

Лаҵара 19 рзы МАААН Анагӡком иалоу рхы аладырхәит Бельгиа (Антверпен) имҩаҧысуаз Кавказтәи акультуратә фестиваль. Уи еиҿкаан Бельгиа Нхыҵ-Кавказтэи Акультуратә Центри Европатәи Ачерқьезцәа р-Федерациеи рымч ала.

 

Адырҩаҽны асасцәа алахәын Амҳаџьырцәа Ргәалашәара Амш - Лаҵара 21 -  иазкыз аизара.

 

МАААН апрезидент академик Т. М. Шамба дзыҧхьаз ажәахә азкын Кавказ аҭоурыхи акультуреи. Т. М. Шамба дазааҭгылан иҳәеит, адыга бираҟ аҿы символны иану аиаҵәақәа - Кавказ иқәынхоз 12 аҧсуа-адыга гуҧ -  рахьтә иахьа иаанхан иҟоу 4 заҵәык шраку, иагьаҵишьит акзаареи аидгылареи аҵак ду шрымоу ҳажәларқәеи урҭ рҭоурыхи реиқәырхаразы.

 

МАААН апрезидент академик Т. М. Шамба Урыстәылатәи Анаукақәа р-Академиа академик М. А. Кумахов ихьӡ ала Европатәи Ачерқьезцәа р-Федерациа апрезидент Адмирал Ҭашдемир ҳамҭас ииҭеит ҿыц иҭыҵыз "Адыга (Черқьез) енциклопедиа".

 

Арепатриациазы Аҧсны Ареспублика Аҳәынҭқарратә Комитет анапхгаҩы А. К. Мықәба дазааҭгылеит ҳажәларқәа рҭоурых аҿы Амҳаџьырцәа Ргәалашәара Амш - Лаҵара 21 - аҵакы. Уи иеизаз ирзеиҭеиҳәеит Арепатриациа Акомитет имҩаҧнаго аусқәа , иара убас зы-Ҧсадгьыл ахь ихынҳәуа ирыҭахо ацхыраара ртәы.

 

Абызшәеи, аҵареи, анаукеи рзы МАААН аҟәша анапхгаҩы, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет адоцент С. А. Амҷы-ҧҳа ирзеиҭалҳәеит аҧсуа бызшәа апрограмма аус адулара ацашьа, иара убас збызшәа зҵар зҭаху адиаспора ахаҭарнакцәа ацхыраара шрыҭахо атәы. С. А. Амҷы-ҧҳа ирылалҳәеит, МАААН V-тәи Аконгресс ишаднакылаз ала, 2007 ш. аҧсуа-абаза бызшәақәа ирышықәсны, жьҭаара 27 -арҭ абызшәақәа ирымшны Аҧсны еиҧш, адиаспора ахьынхо атәылақәа зегьы рҿы ишазгәарҭо. Ари иадҳәаланы иҭыжьхоит арҵага шәҟәқәа, имҩаҧгахоит аконференциақәа, асеминарқәа, акурсқәа, уб. иҵ.

 

Апоет, аеҭнограф Д. К. Чачхалиа даҧхьеит Б.Шьынқәба еицырдыруа иажәеинраала "Ажәа".

 

Анагӡком иалоу Германиагьы, Бельгиагьы аҧсуа-ашәуа, ачерқьез диаспора рхаҭарнакцәа гәахәара дула, зҿлымҳарыла ирыдыркылеит.

 

23.05.2007 Аҧсуаa Рыбжьы